Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы, Аԥсны еиқәзырхаз ақыҭа ауп ҳәа игәаанагара арадио Sputnik аҟны иҳәеит аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы Валери Аршба.
"Аибашьра анеилага, аҳәынҭқарра ашьаҭа еиҭашьҭаҵатәын. Ақыҭауаа акыр аџьабаа рбеит, ақыҭа еиқәнархеит аҳәынҭкарра", — иҳәеит Валери Аршба.
Убри аан, иара иазгәаиҭеит, аибашьра ашьҭахь актәи ашықәс инаркны, Владислав Арӡынба инапхгарала жәларбжьаратәи аимадарақәа абжьараҵаразы аусмҩаԥгатәқәа нап шыддыркхьаз.
"1994 шықәса нанҳәа 17 рзы Ҭаҭарсҭани Аԥсни асоциал-економикатә ҿиаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи анаҵарҩ адрҩаҽныҵәҟьа Басшикириа иҟан аԥсуа делегациа, уаҟагьы иахәҭаз аусқәа еиқәыршәан. Убасҵәҟьа — Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа, Костроматәи аобласт, уҳәа акырџьара", — ҳәа игәалаиршәоит Аршба.
#social
Post #21219
27