2026 шықәсазы 50 км амҩақәа реиҭашьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп Аԥсны. Арҭ ахықәкқәа рзы иазоужьуп 1 млрд мааҭ.
Аԥаразоужьра алыршахоит урыстәылатәи аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас Бадра Гәынбеи Владимир Путини реиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны зыԥшаара алыршахаз аԥаратә хархәагақәа рыла.
Акапиталтә ргылараз аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, уажәы аҭыԥантәи ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарала Афонҿыцтәи аберҭыԥи ашколи рахь уназго амҩаҿы аусурақәа цоит. Урҭ ирыцҵахоит Афонҿыцтәи аҳаԥи аӡхыҽҽареи рахь уназго аҭыԥ аҿгьы.
Иара убас Аҟәа ақалақь аҿы цәыббра 30 рзы амҩаду аремонт азыруеит, Агрбаи Гәымсҭатәии амҩадуқәа рҿы аусурақәа мҩаԥыргоит.
Уи инаваргыланы Очамчыра араион аҿы аус руеит Ҭхьына ақыҭантәи Гәыԥ ақыҭахь уназго амҩа аиҭашьақәыргылара.
"Ари астратегиатә мҩоуп, акыраамҭа иԥхасҭаханы иҟан. Уажәгьы Урыстәылатәи Афедерациа адгылара иабзоураны ари амҩагьы аиҿкаара алагара алыршахеит", — иҳәеит Гамисониа.
Post #21266
36