TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21355 13
"Аԥсны акоманда" иалахәу зегьы аиааира ргеит ҳәа иԥхьаӡоит Џьон Ҭарба.

Аицлабраҿы аиааира згаз Ҭарба ақыҭанхамҩа аминистрра аусзуҩыс аус иуеит, иара иажәақәа рыла, уи аҽалархәразы ииӡбаз зыдҳәалаз имчқәа ԥишәарц ахьиҭахыз акәын.

"Исыцхрааз инҭкааны исызҳәом, баша аусураҿы иалкаау аҽеизакра, апроекттә менеџьмент, акы алкаара залшом",
— ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аицлабра аҩбатәи асезон аҿы аиааира игеит ақәҿиара змоу абизнесуаҩ Алексеи Гагин. 10 шықәса инарзынаԥшуа Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы аҿы аус иуит, аусҭҵааҩ еиҳабы иҟынӡа днаӡеит, ашьҭахь апрокуратура аусбарҭақәа рахь аусура диасит, анаҩс Аԥсныҟа дхынҳәит.

"Аԥсны сԥышәа аасырԥшыр сҭахуп. Апрокуратура аусбарҭақәа рҿы, аӡбарҭаҿы аԥышәа змоу акадрқәа роуп иҳагу. Уи зыхҟьо зԥышәа аазырԥшша аспециалистцәа ахьмаҷу акәхап. Сара сидеиа — Урыстәылантәи апрокуратура аусзуҩцәа ааԥхьара ахьрырҭо аҵаратә центр аартра ауп, наҟ-ааҟтәи аҵара мҩаԥысларц азы", — иҳәеит Гагин.

Иара иҭабуп ҳәа реиҳәеит "Аԥсны акомандеи" атәыла ахада Бадра Гәынбеи аинтерес зҵоу, аперспектива змоу апроект адгыларазы.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 8, 2026V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 14-16 рзы…
  2. Oct 8, 202614,5 нызқь инареиҳаны авагонқәа Аԥсны аихамҩала ианысит жәымз ирылагӡан. Аиҳарак арацәа зҭ…
  3. Oct 8, 2026Анаркотикқәа закәаншьаҭада рыҵәахразы х-фактк аадырԥшит Аҟәа амҩақәа рҿы ареид аан ҳәа аан…
  4. Oct 8, 2026Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатуеит жьҭаара 9 рзы Пушкин иҳәынҭқарратә музеи аҟны…
  5. Oct 8, 2026Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа Ҭаҭарсҭан Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 35…
  6. Oct 8, 2026Адомино азы адунеи ачемпионат Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп 2027 шықәсазы. Ари аӡбамҭа еицҿакны…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →