Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа Аԥсны аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра зхахьы агара иазхиоу арҿиаратә мчқәа роуп лҳәеит аицлабра аҩбатәи асезон аҿы аиааира згаз ируаӡәку Анас Лашәриаԥҳа.
"Аиааиразы амотивациа ҳалацәажәозар, сара сзы уи хаҭалатәи амбициақәак, ма акариератә траекториақәа рынагӡара иаҭыԥны иҟамызт, сара сзы уи, зегь раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсны анапхгара рҟынтәи иҳараку агәрагареи, ахьӡи аҭакԥхықәреи роуп", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Лашәриа аус луеит аҭыжьымҭа "Говорит Абхазия" аредактор хадас, Тҟәарчал араион ахада ицхырааҩс.
Аицлабра аҳәаақәа ирҭагӡаны лара иазлырхиеит аессе "Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбаара" атемала. Ари атема алылхит, избанзар ареспублика адәныҟатәи апозициаҟаҵара азҵаара иахьазы ҷыдала актуалра аҵоуп.
#social
Post #21352
13