TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21353 12
"Сара сеигәырӷьоит атәылаҿы иахьыҟоу аиԥш зеиԥшу, иахьазы Аԥсны еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аспециалистцәа ссирқәа, урҭ рхыԥхьаӡарагьы ахьырацәоу", — ҳәа иҳәеит аицлабра "Аԥсны акоманда" аҿы аиааира згаз ируаӡәку Ерасҭ Ӷәынџьиа.

Иара аекономика аминистрра аинвестициақәеи анаплакратә усуреи рыҟәша аусзуҩыс дыҟоуп. Аицлабра ихы алаирхәырц еицырыӡбеит иҩызцәеи иареи. Ӷәынџьиа иҳәеит апроект ахь дшааз ареспубликаҿы аекспорт хырхарҭа змоу анаплакыҩцәа рыдгыларазы ауснагӡатәқәа рыҿиара аидеиа иманы.

Аелита Ҷанба — "Аԥсны акоманда" аҿы аиааира згаз даҽаӡәы, аилахәыра "Аԥсны-Оил" аусзуҩы иазгәалҭеит аицлабра лхы алалырхәырц шылыӡбаз, избанзар уи актәи ахәҭа алҵшәа бзиақәа ртәы лаҳахьан.

Ҷанба иазгәалҭеит уи ҷыдала аинтерес шлызцәырнагаз аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы иқәгылоу апроблемақәа рыӡбара, иагьацылҵеит апроект алҵшәа хада лара лзы — аибадырра ҿыцқәа шракәу.

"Сара даара сгәы иахәоит сылшарақәа разгәаҭара ахьрылшаз", — ҳәа ацылҵеит лара.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 8, 2026V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 14-16 рзы…
  2. Oct 8, 202614,5 нызқь инареиҳаны авагонқәа Аԥсны аихамҩала ианысит жәымз ирылагӡан. Аиҳарак арацәа зҭ…
  3. Oct 8, 2026Анаркотикқәа закәаншьаҭада рыҵәахразы х-фактк аадырԥшит Аҟәа амҩақәа рҿы ареид аан ҳәа аан…
  4. Oct 8, 2026Ацәыргақәҵа "Варвара Бубнова лдунеи" аатуеит жьҭаара 9 рзы Пушкин иҳәынҭқарратә музеи аҟны…
  5. Oct 8, 2026Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа Ҭаҭарсҭан Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 35…
  6. Oct 8, 2026Адомино азы адунеи ачемпионат Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп 2027 шықәсазы. Ари аӡбамҭа еицҿакны…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →