TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21269 24
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан, аҭынч ԥсҭазааара ашьақәыргылараҿы, жәларбжьаратәи аимадарақәа абжьаҵараҿы Владислав Арӡынба ихаҭара ахыԥша акырӡа анырра аман ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит ауаажәларратә усзуҩы Лев Шамба.

"Краснодартәи атәылаҿацә, Башкортосҭан, Ҭаҭарсҭан, уҳәа Владислав дандепутатыз аахыс дыззымдыруа ыҟамызт. Аибашьра ашьҭахь аимадарақәа рышьақәыргылараҿы, ацхыраара аҟаҵараҿы — аӡәымзар аӡәы мап ркуамызт. Зегьы иара иаҳаҭыр збоз ракәын, иҩызцәа ракәын", — игәалаиршәоит Шамба.

Ауаажәларратә усзуҩы иара убасгьы иазгәаиҭеит, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ажәлари атәыла анапхгареи реилибакаара иабзоураны, иҟаз аҭагылазаашьа бааԥс алҵра шалыршахаз.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥшыр ҟалоит абра.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026400 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа жәымз рыла Аԥсны аихамҩатә транспорт ала имҩангоуп.…
  2. Oct 6, 2026Архип Лабахәуа аҩбатәи искульптура "Аҷкәыни аԥшеи" аадыртит Аҟәа, амшынбаӷәаза асқьалаҿы.…
  3. Oct 6, 2026Ҩыџьа ауаа ҭахеит, жәҩык аахақәа роуит украинатәи Арбџьармчқәа Подмосковие ажәлара иахҟьан…
  4. Oct 6, 2026Аԥсны урыстәылауаа жьҭаарамзатәи рыԥсшьаразы иалырхуа 10 хырхарҭак ирыҵанакит, абри атәы а…
  5. Oct 6, 2026Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥсуа жәлар Гагра араион ахақәиҭтәра 34 шықәса ахыҵра рыдныҳәалеи…
  6. Oct 6, 2026Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →