Аԥсны ахада Бадра Гәынба аԥсуа жәлар Гагра араион ахақәиҭтәра 34 шықәса ахыҵра рыдныҳәалеит.
"Гагра ахақәиҭтәра Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рзы раԥхьатәи аиааира дуқәа ируакын. Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа ахы ақәиҭтәра зыԥсадгьыл ахақәиҭраз иқәԥоз ҳажәлар рзы аҵак ду аман", — аҳәоит адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, аибашьцәа Гагра иргаз аиааира ргәы шышьҭнахыз, уи Аԥсны зегьы ахы ақәиҭтәразы акрызҵазкуа шьаҿан ҳәа.
Ари амш аҽны ҳаҭыр дула иаҳгәалаҳаршәоит Гагреи Гагра араиони рхақәиҭтәразы еибашьуаз зегьы. Даҳгәалаҳаршәоит знапхгарала Аԥсны жәлар Аиааира ду агара рылзыршаз Аԥсны жәлар рԥыза Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба иҳәеит Гәынба.
"Иахьа Гагра — ҳтәыла мраҭашәаратәи агәашәқәа ҳәа иԥхьаӡоуп, Аԥсны еицырдыруа ақалақь ԥшӡақәа ируакуп. Агәра ҳгоит, ақалақь арҿиареи уи иқәынхо ауааԥсыра рзы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵареи Гагра ахақәиҭра азаазгаз рыхьӡ акамыршәразы лагаламҭа дуны ишыҟало", — иҳәеит иара.
🖇 34 шықәса раԥхьа, жьҭаара 6 1992 шықәсазы, асааҭ 6:40 минуҭи рзы Аҳәынҭқарра абираҟ ахадыргылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа Ԥсоу.
Жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит.
Нанҳәа 15 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны Ԥоҭынтә Гаграҟа мшынла идәықәлеит аӷацәа рдесант. Асааҭ 13:00 рзеиԥш дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Аԥсуа хацәа гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит рнапаҿы иҟаз бџьарқәак рыла, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аӷацәа Гагра рнапахьы иааргеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.
Гагра араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан. Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык ҳтәыла аҵеицәа.
Post #21273
20