Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ажәалагала ҟанаҵеит "Аԥсны аҳәынҭқарра адемографиатә шәарҭадаразы" азакәан апроект азырхиаразы аусуратә гәыԥ аԥҵазарц.
Ари аӡбамҭа атәы иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Оҭырба апарламенттә еилакы аилатәараҿы.
Иара иазгәеиҭеит атәыла ахада инапынҵала, аминистрра агәабзиарахьчаразы азакәан ҿыц аус шаднауло, избанзар аус зуа, 2016 шықәсазтәи азакәан иахьатәи аамҭа иақәшәом.
Аусшәҟә ҿыц адемографиатә шәарҭадаразы азакәан анормақәеи иареи ахьеишьашәало рацәаӡоуп, убри азы аусуратә гәыԥ аԥҵара хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡоит Оҭырба.
Post #21281
34