TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21477 20
Аԥснынтәи Геннади Кожухар азеиԥш аԥхьахәтә фонд 17 млн мааҭ ыҟоу жәларбжьаратәи аԥхьахә "Евразиа" афинал ахь днеит ҳәа аанацҳауеит "Евразиа"апресс-маҵзура.

Иара далахәын Жәларбжьаратәи акультура абызшәа афестиваль "Аҭынчра Апроспект", аноминациа "Язык Мира" , Аԥсны аҿар реидгыла аурыс бызшәеи акультуреи аҟазарала рӡыргара иазырхоу апроект далахәны.

29 тәыла рҟынтәи апроектқәа равторцәа раԥшьгарақәа ӡырыргоит акультура, аҵарадырра, жәларбжьаратәи аусеицура, аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара, аурыс бызшәа аҿиара, асоциалтә цхыраара русхкқәа рҿы.

Сынтәа аԥхьахә алахәхаразы 73 тәыла рҟынтәи 5512 зыҳәа ааит, урҭ ирыхәаԥшит 15 ҳәынҭқарра рҟынтәи 165-ҩык аспециалистцәа.

Афиналистцәа рыпроектқәа Москва жәларбжьаратәи ажиури рыдгалара адагьы аҵаратә программақәа, ахшыҩзцаратә еиԥыларақәа, аҟазарҭақәа, астол гьежьқәа ирылахәуп.

Аҳамҭақәа ранашьахоит жьҭаара 15 рзы Москва иҟоу Амилаҭтә центр "Россия" аҿы.

Афиналистцәа рзы абжьыҭира алшоит асаит https://vote.premiyaevrazia.su/ аҿы жьҭаарамза 14 асааҭ 18:00 рҟынӡа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 13, 2026Аԥсны атехникатәии аграртәии занааҭқәа аҭахны иҟоуп иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ах…
  2. Oct 13, 2026Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит Аԥсны жьҭаара 16-18 рзы. Аусмҩаԥгатә…
  3. Oct 13, 2026Аԥсны аминистрцәа реилазаара амшын аԥшаҳәа иаԥну адгьылқәа рхархәара ахылаԥшра арӷәӷәоит.…
  4. Oct 13, 2026Габриела Лахина лышьра аус азы ахарадҵа ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿырхит, абри атәы Sputnik иазеиҭ…
  5. Oct 13, 2026Аԥснытәи Арбџьармчқәа рҿы имҩаԥысуа зымҽхак ҭбаау аҽазыҟаҵарақәа рзы архәҭақәа реиҳабацәа…
  6. Oct 13, 2026Ашәҟәыҩҩцәа Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи ргәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥсуа драмат…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →