TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21485 24
Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап мҩаԥгахоит Аԥсны жьҭаара 16-18 рзы.

Аусмҩаԥгатә аԥышәа аимдара, азанааҭтә дыррақәа рыҿиара, акультурабжьаратә еинырра арӷәӷәара иазырхоуп.

Алахәылацәа ирзыԥшуп атематикатә сессиақәа, аӡыргарақәа, аусхкытә екскурсиақәа. Дара аиҿкаарақәа русура еилыркаауеит, ақәҿиара змоу апрактикақәа ҭырҵаауеит, аусеицура алшарақәа ирылацәажәоит.

Афорум актәи аетап мҩаԥысит лаҵара 4-9 рзы Нальчик. Уаҟа еизеит 300-ҩык аҿар, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 150-ҩык аԥснытәи ахаҭарнакцәа.

Аиҿкааҩцәа — Ҟабарда-Балкариа аиҳабыра, Росмолодежь, Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы, Урыстәылеи Аԥсни АДәА рминистрра ацхыраарала.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 13, 2026Аԥсны атехникатәии аграртәии занааҭқәа аҭахны иҟоуп иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ах…
  2. Oct 13, 2026Аԥсны аминистрцәа реилазаара амшын аԥшаҳәа иаԥну адгьылқәа рхархәара ахылаԥшра арӷәӷәоит.…
  3. Oct 13, 2026Габриела Лахина лышьра аус азы ахарадҵа ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿырхит, абри атәы Sputnik иазеиҭ…
  4. Oct 13, 2026Аԥснытәи Арбџьармчқәа рҿы имҩаԥысуа зымҽхак ҭбаау аҽазыҟаҵарақәа рзы архәҭақәа реиҳабацәа…
  5. Oct 13, 2026Ашәҟәыҩҩцәа Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи ргәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥсуа драмат…
  6. Oct 13, 2026АК "Аԥсны" ахәмарыҩ Игнат Дмитриев Амедиалига Ахраҿа агаразы 1/4 аихшьаалақәа рыла, иреиӷь…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →