Аԥсны атехникатәии аграртәии занааҭқәа аҭахны иҟоуп иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.
Арҭ ахырхарҭақәа алшарақәа рымоуп, арҭ азанааҭқәа рҟазауаа ареспубликаҿы аусурҭақәа рыԥшаар рылшоит иҳәеит иара.
Банников иажәақәа рыла, аԥсуа абитуриентцәа еиҳарак иалырхуеит Москвеи Краснодартәи атәылаҿацәи иреиҳау рҵараиурҭақәа, уи адагьы иҟоуп Казани Иарославли иреиҳау рҵараиурҭақәа ирызҿлымҳау.
V Жәларбжьаратәи аҵараиурҭабжьаратәи аҵаратә цәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа, ацентр "Ҳара ҳаицуп" аҟны жьҭаара 14-16 рзы. Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ — Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәахәаԥш ВКонтакте.
#social
Post #21487
32