TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21499 33
Ашәҟәыҩҩцәа Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи ргәалашәара ахәылԥаз алахьеиқәреи аԥхарреи ацны имҩаԥысит лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩы Альбина Анқәабԥҳа.

Аусмҩаԥгатә аԥсуа-адыга фестиваль "Арифмақәа Риҵаҟны" аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Апроект авторс дамоуп апоет, адраматург Зарина Ҟаныҟәа.

Анқәабԥҳа лажәақәа рыла, агәалашәаратә хәылԥазы иаҭааит Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьесиа рҟынтәи аделегациақәа, иара убас Аԥсны апоетцәеи, алитераторцәеи, актиорцәеи. Иара убас ахәылԥаз иалахәын зхатәы жәеинраалақәа зыҩуа аҿарацәа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.

🖇 Владимир Занҭариа — апоет, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу, иԥсҭазаара далҵит 72 шықәса дшырҭагылаз хәажәкыра 21 2026 шықәсазы.

Анатоли Лагәлаа — аԥсуа поет, апрозаик, апублицист, СССР-и, Урыстәылеи, Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла, ажурнал "Алашара" аредактор хада "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу. Иԥсҭазаара
далҵит жәабран 15 рзы 64 шықәса дшырҭагылаз.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 14, 2026Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университети аусеицур…
  2. Oct 14, 2026Быжьҩык урыстәылаа ааха роуит Ҭырқәтәыла иҟалаз амҩатә машәыр аан, абри атәы аанацҳауеит Р…
  3. Oct 14, 2026Киев иахьа Саратовтәии Риазантәии аобластқәа рҿы анефҭзауадқәа иажәлеит иҳәеит аԥыза-минис…
  4. Oct 14, 2026Аԥҳәызба лыԥшӡара иахҳәаау афразеологизмқәа: 🔸 Мрада дкаԥхоит. 🔸 Мзада дкаҷҷоит. 🔸 Цәым…
  5. Oct 14, 2026Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап алахәхаразы ареспубликахь иаауеит 150-ҩык инарз…
  6. Oct 14, 2026Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Урыстәыла аҳәынҭқарратә социалтә университети аусеицур…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →