Иԥсҭазаара далҵит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Аԥсуа поет иԥсҭазаара далҵит 64 шықәса дшырҭагылаз ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭарҳәеит Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы.
Анатоли Лагәлаа диит 1961 шықәсазы Ҷлоу ақыҭан. Асовет Еидгылеи, Аԥсни, Урыстәылеи Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа дралахәылан. 2004 шықәса раахыс алитературатә-сахьаркыратә журнал "Алашара" аредактор хадас дыҟан. Алитературазы Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиеи, Т. Аџьба ихьӡ зху ахәыҷтәы литературазы аҳәынҭқарратә премиеи дралауреатуп.
Иҭижьхьеит иажәеинраалақәеи, иажәабжьқәеи, иповестқәеи еидызкыло 15 инарзынаԥшуа ашәҟәқәа. Иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, англыз, асерб, аерман, ауаԥс бызшәақәа рахь. Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы имҩаԥигон авторс дызмаз алитературатә дырраҭарақәа Аԥсуа телехәаԥшреи Аԥсуа радиои рҿы.
Анатоли Лагәлаа иааиԥмырҟьаӡакәа аматериалқәа икьыԥхьуан Sputnik Аԥсны аҟны. Амилаҭтә литература аҿиараҿы злагала дуу ашәҟәыҩҩцәеи, апоетцәеи, алитературатә критикцәеи, авторцәа ҿарацәеи аинтервиуқәа рымихуан.
Post #15521
106

- 😱 3
- ❤ 2