Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум аҩбатәи аетап алахәхаразы ареспубликахь иаауеит 150-ҩык инарзынаԥшуа аҿар рхаҭарнакцәа. Абри атәы арадио Sputnik аҟны илҳәеит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы аспециалист Сариа Ҳашыгԥҳа.
Аҩ-тәылак рҿар рфорум аҩбатәи аетап мҩаԥыслоит жьҭаара 16-18 рзы. Афорум актәи аетап Нальчик имҩаԥысит, уаҟа иазхыҽхәартә иҟаз аҭыԥқәа зегьы рахь ҳаргеит ҳәа азгәалҭеит Ҳашыгԥҳа.
"Актәи амш Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥгахоит, аҩбатәи амш азы алахәылацәа — кәтолтәи ачаи хыхырҭахь иаҳгоит, анаҩс Очамчыра амҿлыхқәа ахьыҟарҵо аҟазарҭахь", — лҳәеит лара.
Ҳашыгԥҳа лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатә аԥышәа аимдара, азанааҭтә дыррақәа рыҿиара, акультурабжьаратә еинырра арӷәӷәара иазырхоуп.
🖇 Аҿар рфорум аиҿкааҩцәа — Ҟабарда-Балкариа аиҳабыра, Росмолодежь, Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Адирекциа, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы, Урыстәылеи Аԥсни АДәА рминистрра ацхыраарала.
Инеиҵыху аиҿцәажәара — авидеонҵамҭаҿы.
#social
Post #21503
28