Аимҳәазы алаҵа апартиа Аԥсныҟа иаагоуп лҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева, арадио Sputnik аҟны.
"Алаҵа араионтә хәышәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы иҟоуп. Убри азы иҟоуп алшара жьҭаарамза анҵәамҭеи абҵарамза алагамҭеи рҟынӡа алаҵа аҟаҵараз", — азгәалҭеит лара.
Лара лажәақәа рыла, алаҵа аилазаара есышықәса аҽаԥсахуеит иааиуа асезон азы иҟалар зылшо аимҳәа аштаммқәа рзы аҵарауаа разԥхьагәаҭарақәа инарықәыршәаны.
Белиаева акоронавирус далацәажәо иазгәалҭеит, авирус аҽшеиҭанакуа, уи авариант ҿыцқәа раԥхьатәи аформақәа раасҭа акыр имарианы рхыгара шауа. Уи адагьы алаҵақәа рҭыжьра авирус аиҭакра аццакра иахьӡаӡом.
Post #21501
19