Аԥсны аминистрцәа реилазаара амшын аԥшаҳәа иаԥну адгьылқәа рхархәара ахылаԥшра арӷәӷәоит.
Абри азы аусдҵа инапы аҵеиҩит аԥыза-министр Владимир Делба.
Аусшәҟәы ишьақәнаргылоит — агаҿа иаҵанакуа адгьыл ҭыԥқәа рыҭареи рхархәареи рҭагылазаашьақәа рықәныҟәара ахылаԥшра арӷәӷәаразы ауснагӡатә цҵақәа.
Амшын аԥшаҳәа иаԥну аҭыԥқәа рыҭара аиқәыршәаразы Аминистрцәа реилазаара актқәа рсиа еиҿкаахоит.
Аҭыԥантәи аусбарҭақәа ируалуп ирыбжьарҵаз ақьыратә еиқәшаҳаҭрақәеи ирыҭоу аҳәынҭқарратә актқәеи рсиа амҩаԥгара ас еиԥш аҭыԥқәа иааиԥмырҟьаӡакәа рхархәара азин азы.
Post #21484
22