TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21473 16
Ареспублика атуристтә ҟазаратә-план аус адырулоит урыстәылатәии аԥснытәии аҵарауаа лҳәеит Аԥсны ахада Иусбарҭа агуманитартә политика аусбарҭа аиҳабы Викториа Бебиаԥҳа, Sputnik имҩаԥысуаз абрифинг аҿы.

"Ас еиԥш аҭҵаарақәа иалдыршоит иҟоу адыррақәа иаку усшәҟәҩк аҟны аидкылара, иара убас зынӡа иҿыцу аизҳара аҩаӡарақәа, раионцыԥхьаӡа рзы ԥкырақәак раарԥшра", — азгәалҭеит лара.

Ас еиԥш аҭҵаарақәа иалдыршоит аҵакырақәа рыҿиареи, атуризми, акреативтә економикеи зынӡа даҽа ганкахьала рызнеира ҳәа лыԥхьаӡоит Бебиа.

Ганрацәалатәи аусура иалахәхоит урыстәылатәи аҟазауаа, амчратә усбарҭақәа, атәыла аминистррақәеи аусбарҭақәеи, аҵарауаа.

Аҽазыҟаҵаратә усура иазгәанаҭоит — Аԥсны атуристтә, акультуратә, акреативтә лшарақәа комплексла анализ рзура, аҵакырақәа ринфраструктуреи ртранспорттә знеишьеи ахәшьара рыҭара. Алҵшәақәа атуристтә ҟазаратә-плани амҩақәҵагеи разырхиареи рзы аналитикатә шьаҭаны иҟалоит.
Telegram Sputnik Абхазия Туристический мастер-план республики разработают российские и абхазские ученые, рассказала начальник Управления гуманитарной политики Администрации президента Абхазии Виктория Бебия на брифинге в Sputnik. "Подобные исследования позволяют нам систематизировать…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 13, 2026Аԥсны аминистрцәа реилазаара амшын аԥшаҳәа иаԥну адгьылқәа рхархәара ахылаԥшра арӷәӷәоит.…
  2. Oct 13, 2026Габриела Лахина лышьра аус азы ахарадҵа ашаҳаҭцәа рҿахәы рҿырхит, абри атәы Sputnik иазеиҭ…
  3. Oct 13, 2026Аԥснытәи Арбџьармчқәа рҿы имҩаԥысуа зымҽхак ҭбаау аҽазыҟаҵарақәа рзы архәҭақәа реиҳабацәа…
  4. Oct 13, 2026Ашәҟәыҩҩцәа Владимир Занҭариеи Анатоли Лагәлааи ргәалашәара ахәылԥаз мҩаԥысит Аԥсуа драмат…
  5. Oct 13, 2026АК "Аԥсны" ахәмарыҩ Игнат Дмитриев Амедиалига Ахраҿа агаразы 1/4 аихшьаалақәа рыла, иреиӷь…
  6. Oct 13, 2026Акультуратә хәҭа — атуристтә усхк аҿиара зырццакуа акакәны иҟалар алшоит ҳәа иԥхьаӡоит Аԥс…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →