TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21282 30
Адемографиатә шәарҭадара азҵаара аҽазыҟаҵаразы астатистика цқьа аҭахуп ҳәа азгәеиҭеит адепутат Леонид Лакербаиа, Жәлар Реизара аилак аилатәараҿы.

"Астатистика зехьынџьара иҟазароуп. Араҟа амаҷ-саҷ ыҟаӡам, избанзар, иалшоит ара (азакәан апроект "Адемографиатә шәарҭадаразы" аҿы-аред.) иазгәаҭам ахырхарҭақәа цәырҵыр", — иҳәеит иара.

Лакербаиа иажәақәа рыла, зыӡбахә ҳәоу — атәылаҿы аиреи аԥсреи рҭагылазаашьа мацара акәымкәа, акомплекстә знеишьа аҭахуп.

"Иахьа иҳамоу ашьаҭала ҳалагароуп. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа ирылагӡаны зныкгьы уи аҩыза аус ҟаҳамҵацызт. Иаҭахуп — Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра шьақәзыргыло инарҭбаау асиа", — иҳәеит иара.
Telegram Sputnik Абхазия Чтобы заниматься вопросом демографической безопасности, нужна четкая статистика, подчеркнул на комитетском заседании Парламента депутат Леонид Лакербая. "Статистика во всем. Тут мелочей не будет, потому что, может быть, появятся направления, которые даже…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы…
  2. Oct 6, 2026Аԥснытәи агимнасткацәа Сҭампыл имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Аиц…
  3. Oct 6, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змо…
  4. Oct 6, 2026Бадра Гәынба КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәылацәеи иареи инагӡоу апроектқәеи, рыгәҭа…
  5. Oct 6, 2026Аицлабра "Аԥсны акоманда" қәҿиарала иахьынагӡаз иабзоураны — Аахыҵ Уаԥстәыла аиԥш зеиԥшу а…
  6. Oct 6, 2026Амузыкант Реваз Нарманиа иҵаҩцәа зегьы ҳзы акультуратә аб иакәын, иареи ҳареи аҳәаа ҳабжьа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →