TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21300 40
Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ахадара акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳа.

Иахьа Гагра иазгәарҭеит ақырҭуа ар рҟынтәи ахақәиҭтәра амш. Ашьыжь Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи иҭахаз атәыла ахьчаҩцәеи рмемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Аныҳәамш хыркәшан асалиут ала.

"Рыцҳарас иҟалаз, ҳраион аҿы аконцерттә зал ду ыҟаӡам. Ҳара иҳамоуп акультура аҩны, уи 300-ҩык рҟынӡа роуп иакуа. Асцена даара ихәыҷуп, ҳколлективқәагьы уа иакӡом", — ҳәа азгәалҭеит Бганԥҳа.

Аусмҩаԥгатәқәа адәахьы рымҩаԥгараан асцена ҿыц ахыбра артистцәеи амаругақәеи ахьчоит.

Асцена ҿаҵан Нижни Новгород. Ахәԥса— 5,4 млн мааҭ, аԥаразоужьра — араионтә биуџьет. Еизгоу-еимырхуа аихатә ргылара 10x10 метра иҟоуп.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 7, 2026Гәымсҭа ақыҭан 200 метра рҟынӡа аӡымҩангатә цәаҳәақәа ԥсаххоит, абри атәы арадио Sputnik а…
  2. Oct 7, 2026Иаарту аҽазыҟаҵарақәа #ПроНовыеМедиа мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 13 рзы урыстәылатәи ауаажәла…
  3. Oct 7, 2026Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥсабаратә рыцҳарақәа лассы-лассы рыҟалара зеиԥш ҟамлац акакәны…
  4. Oct 7, 2026Аԥсны Арбџьармчқәа рартиллериатә ҟәшақәа аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахь…
  5. Oct 7, 2026Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аҿы шьаҭанкылатәи аремонт иаарласны ихыркәшахоит, абри атәы Sputni…
  6. Oct 7, 2026Аԥсны ахада Бадра Гәынба "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз арҵаҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы анашьара…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →