Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аԥсабаратә рыцҳарақәа лассы-лассы рыҟалара зеиԥш ҟамлац акакәны иҟоуп иҳәеит арадио Sputnik аҟны Акапиталтә ргылараз аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.
Амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа хара имгакәа раҧыхра алыршахоит аҳәынҭқарра амчрақәеи, ахатәы нардадаратә еиҿкаарақәеи, анаплакыҩцәеи, ааха зауз араионқәа руааԥсыреи реидкылара ирыбзоураны ҳәа азгәеиҭеит иара.
Гамсаниа иажәақәа рыла, Тҟәарчал аӡхыҵрақәа рыхҟьаԥҟьақәа шьаҭанкыла иаԥыхуп. Уажәы планла аусурақәа мҩаԥысуеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ацҳақәа рыргылареи аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны ааха зауз амҩақәа реиҭашьақәыргылареи.
Иара убас иҳәеит Дәрыҧшь ақыҭан адгьылҳәазара еиланарбгаз аӡымҩангагатә цәаҳәа аамҭалатәи асхемала аусура аларгара шалыршахаз. Арҭ амшқәа рзы аӡымҩангагатә цәаҳәа ҿыц аргылара иаҿуп.
Post #21319
32