TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21296 24
Бадра Гәынба КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәылацәеи иареи инагӡоу апроектқәеи, рыгәҭакқәеи, атәылаҿы КВН аҿиареи ирылацәажәеит.

"Нарҭаа" атәыла ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаиҵо адгыларазы. Еиҳарак дара иазгәарҭеит Аԥсни Урыстәылеи ркомандақәа рыбжьара ахәмарра Аԥсны амҩаԥгара аҵак ду шамоу.

"Даҽакала иуҳәозар, ари иааиԥмырҟьаӡакәа ҩ-сааҭк Аԥсны аӡыргара акәын", — иҳәеит Ҭеимураз Кәакәасқьыр.

АМИК анапхгара "Аԥснынтәи Нарҭаа" ааԥхьара рырҭеит КВН 65 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә ахь. Аиубилеи мҩаԥгахоит абҵара 18 рзы Кремль.

Уи адагьы, аиԥылара алахәылацәа атәыла ахада изеиҭарҳәеит, иара иааирԥшуа адгылара иабзоураны Аԥсны КВН алига шхацырку. Ари асезон азы алига иалахәуп шамахамзар Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи акомандақәа.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аҿар рзы асеиԥш иҟоу апроектқәа рыҿиара аҵак ду шамоу.

"Шәара иҟашәҵо ҳтәылазы — ӡыргара дууп. Шәбаҩхатәра иабзоураны Аԥсны аӡбахә раҳауеит, атәыла анҭыҵ иӡырыжәгоит. Зегьы ирыцкугьы — шәара ҳҿар рзы шәҿырԥшыгоуп", — иҳәеит Бадра Гәынба.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 7, 20261992 шықәса жьҭаара 7-8 рзы Лыхны ақыҭан имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи р…
  2. Oct 6, 2026Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы…
  3. Oct 6, 2026Аԥснытәи агимнасткацәа Сҭампыл имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Аиц…
  4. Oct 6, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змо…
  5. Oct 6, 2026Аицлабра "Аԥсны акоманда" қәҿиарала иахьынагӡаз иабзоураны — Аахыҵ Уаԥстәыла аиԥш зеиԥшу а…
  6. Oct 6, 2026Амузыкант Реваз Нарманиа иҵаҩцәа зегьы ҳзы акультуратә аб иакәын, иареи ҳареи аҳәаа ҳабжьа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →