TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21301 35
1992 шықәса жьҭаара 7-8 рзы Лыхны ақыҭан имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс.

Аконгресс аусура рхы аладырхәит ихароу, иааигәоу аҳәаанырцә аҟынтәи адиаспора ахаҭарнакцәа, иара убас Ҟабардантә, Адыгатәылантә, Шаԥсыӷынтә, Абазашҭантә аделегатцәа.

Аконгресс аҟны ирыларҳәеит Абаза жәлар Адунеизегьтәи Рассоциациа шаԥҵахо. Иалырхит апрезидиум, аредакциатә комиссиа, иара убас апресс-маӡаныҟәгарҭа. Ассоциациа анагӡаратә комитет дахагылеит аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Тарас Шамба.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи рконгресс аҟны ирыдкылан адокументқәа жәпакы: Адекларациа, иара убасгьы аизара алахәцәа иҟарҵаз ааԥхьарақәа – ООН ахь, Кавказ ажәларқәа рахь, Урыстәыла ахадеи, Иреиҳаӡоу Асовети рахь – Қырҭтәыла иаҿагыло асанкциақәа ахархәара рзуны, Аҧсны аибашьра аанкылара иацхраарц азы аҳәара ҟаҵо.

Аконгресс алахәцәа ззыҳәоз ажәлар рконсолидациа Аԥсны ахақәиҭтәраҿы ароль ду нанагӡеит.

🖇 Ахархәара аман АААК апортал аҟны икьыԥхьыз астатиа

Авидео © аибашьра ахроника аҟынтәи
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 7, 2026Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа "Амшын Еиқәа аӡаҵаҟатәи аҭҵаарақәа" аат…
  2. Oct 7, 2026Амкьаҭӷба "Афрамакс Рио" аҟны амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалагеит атранспорт аминистрреи…
  3. Oct 7, 2026Иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Заур Мықәба. Аԥсны асахьаркыратә ҟазара аҿиа…
  4. Oct 7, 2026Росприроднадзор амкьаҭӷба аҟны иҟалаз амцакра ашьҭахь аԥшаҳәатә цәаҳәеи Амшын еиқәа аӡымҽх…
  5. Oct 7, 2026☑️ 🇷🇺 Бадра Гәынба Владимир Путин имшира идиныҳәалеит. "Шәара шәнапхгарала Урыстәылатәи…
  6. Oct 7, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →