Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 311 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Бриансктәи, Белгородтәи, Курсктәи, Тулатәи, Орловтәи, Липецктәи, Воронежтәи, Смоленсктәи, Тамбовтәи, Калугатәи, Саратовтәи, Самаратәи, Пензатәи, Ростовтәи, Волгоградтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Пермтәи атәылаҿацә, Ҟрым, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.
Post #21303
38