Гәдоуҭа араион аҟны сынтәа ацитрустә шәырқәа ҩ-нызқь тонна рҟынӡа аҽаҩра ҟалоит, абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарцхьиа.
"Ҵыԥх аасҭа еиҳа иахьеиӷьу культурақәак ыҟоуп, иара убас иахьеицәоугьы, аха иаадкыланы аҽаҩра цәгьам ҳәа иҳаԥхьаӡоит", — иҳәеит иара.
Кәарцхьиа иажәақәа рыла, ҵыԥх араион аҟны ацитрустә шәырқәа рҽаҩра — 1830 тонна ыҟан.
Инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik аҟны.
#social
Post #21322
30