"Сара сзы зегь реиҳа ихадоу — сҳәынҭқарреи сыцхыраара зҭаху зегьы рзы ахәарҭа аҟаҵареи роуп", — лҳәеит аицлабра "Аԥсны акоманда" аҿы аиааира згаз Анастасиа Басариаԥҳа.
Басариа диуриступ. Лара Аԥсны Аиустициа аминистрраҿы ацифраркра аҟәша напхгара алҭоит, рацәак ҵуам "Аӡбаратә системеи аусбарҭатә администрациеи ацифраркра" атемала адиссертациа лыхьчеижьҭеи.
"Сара исыԥхьаӡеит, сԥышәа ҳҳәынҭқарразы иҿыцу акы аланаглар алшоит ҳәа, аалыҵ ҿыцк аԥысҵар сылшоит, мамзаргьы, иҟалап, сԥышәа змасдаша, иззыхәарҭахаша ҟалап ҳәа", — азгәалҭеит лара.
Басариа иара убасгьы илҳәеит аицлабра аҿы аиааира лара лзы даара лгәы иахәаз, дызқәымгәыӷуаз акакәны ишыҟалаз.
Нодар Шьоуа — аицлабраҿ аиааира згаз дыруаӡәкуп, иҳәеит афиналтә ԥышәарақәа акомандатә усура аформат ала ишымҩаԥысуаз. Аҵыхәтәантәи амш аҵаратә усмҩаԥгатәқәа рыла иҭәын.
Аицлабраҿы аиааира згаз рҵара иацырҵоит аусбарҭа "Сенеж" аҟазарҭаҿы.
"Сара сгәаанагарала, ари даара иӷәӷәоу платформоуп, уаҟа еиҳагьы аԥышәеизырҳаразы алшарақәа ҟалоит", — ҳәа ациҵеит Шоуа.
#social
Post #21357
19