TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21381 24
Очамчыра араион иҟоу 26 школ рахьынтәи 13 афатә ԥхала еиқәыршәоуп, иаанхаз даҽа 13 — чарыцла ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра арион аҵараусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Гындиа.

Гындиа иажәақәа рыла, ашколқәа афатә ԥхала реиқәыршәара иалагаанӡа, еилкаан урҭ рҟны иҟоу акрыфарҭақәа рҭагылазаашьақәеи рылшарақәеи. Урҭ ҳасаб рзуны ашколқәа фатәыла еиқәдыршәоит.

"Иахьатәи аамҭаз 255-ҩык араион алагарҭатә классқәа рҵаҩцәа фатә ԥхала еиқәыршәоуп. Афатә ԥха азырхиара аҭагылазаашьа ахьыҟам, аха чарыцла еиқәҳаршәо ашколқәа рҿы, 437-ҩык аҵаҩцәа ыҟоуп", — ҳәа азгәаиҭеит Гындиа.

🖇 Аԥсны аиҵбыратәи аклассқәа рҵаҩцәа рзы ашколтә крыфарҭақәа рҿы ахәы ԥханы аҟаҵара алыршоуп Урыстәыла ахада ирезервтә фонд аԥара азоужьрала. Владимир Путин иӡбарала арҭ ахықәкқәа ирзынархоуп 245 млн мааҭ. Апрограмма алыршахоит Урыстәыла аԥаразоужьралеи, Аԥсны абиуџьет аҟынтәи ацхыраареи рыла.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 9, 2026Владимир Путини Дональд Трампи ҭелла еицәажәеит. Урыстәылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхад…
  2. Oct 9, 2026АК "Аԥсни" Lit Energy аҩнытәи реицыхәмарра мҩаԥгахоит Аҟәа, астадион "Динамо" аҟны жьҭаара…
  3. Oct 9, 2026Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 2026 шықәса ажьырныҳәеи цәыббрамзеи рзы 46,9 млрд мааҭ…
  4. Oct 9, 2026Ахәыҷы иқәымчра иазку ахҭысқәа рҟны иҟоуп аҭагылазаашьақәа ахәыҷы иҭаацәа рҿы ианиқәымчуа,…
  5. Oct 9, 2026"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон азы аконкурстә лыԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аинтенсив…
  6. Oct 9, 2026Аҵарашықәс ҿыц иалагеижьҭеи ҳусбарҭахь иаарыцҳахьоу, ахәыҷы иқәымчра иазку ахҭысқәа рхыԥхь…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →