TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21389 29
Аҵарашықәс ҿыц иалагеижьҭеи ҳусбарҭахь иаарыцҳахьоу, ахәыҷы иқәымчра иазку ахҭысқәа рхыԥхьаӡара маҷӡам, урҭ зегьы ирықәнагоу ахылаԥшра раҳҭоит ҳәа арадио Sputnik аҟны илҳәеит ахәыҷҭәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа.

Лара иазгәалҭеит, аиԥш зеиԥшу ахҭысқәа ҷыдала агәцаракра шырҭаху, избанзар, иҟалалоит ахҭысқәа ахәыҷы иганахь ақәымчра аныҟам, ааӡара, амҩақәҵара қәымчраны ианрыдыркыло лхәеит Џьынџьалԥҳа.

"Ахҭысқәа раан, ҳара закәаншьаҭала ҳазнеиуеит урҭ рыӡбара, аха иҟоуп амилаҭтә ҟазшьагьы. Уигьы ҳасаб ахьазутәу ыҟоуп. Аимак ахьцәырҵуа еснагь иаҭахуп акәамаҵамарақәа зегьы ҳасаб рзура", — лҳәеит ахәыҷы изинқәа рыхьчаҩ.

🖇 Уажә ааигәа Аԥсны ашколқәа рҿы абуллинг еиҳа-еиҳа аҭыԥ ахьаиуа инамаданы ахәыҷтәы омбудсмен аҳәамҭа ҟалҵеит.

Мактина Џьынџьалԥҳа ашколқәа рдиректорцәа аклассқәа рҿы апсихологиатә ҭагылазаашьа иацклаԥшларц, ақәымчра иақәшәаз ахәыҷқәа ахшыҩзышьҭра рырҭаларц, иара убас ашколқәеи аҭаацәеи, апсихологцәеи, асоциалтә рҵаҩцәеи реинырраз абжьгара ҟалҵеит.
#social
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 9, 2026Владимир Путини Дональд Трампи ҭелла еицәажәеит. Урыстәылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхад…
  2. Oct 9, 2026АК "Аԥсни" Lit Energy аҩнытәи реицыхәмарра мҩаԥгахоит Аҟәа, астадион "Динамо" аҟны жьҭаара…
  3. Oct 9, 2026Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 2026 шықәса ажьырныҳәеи цәыббрамзеи рзы 46,9 млрд мааҭ…
  4. Oct 9, 2026Ахәыҷы иқәымчра иазку ахҭысқәа рҟны иҟоуп аҭагылазаашьақәа ахәыҷы иҭаацәа рҿы ианиқәымчуа,…
  5. Oct 9, 2026"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон азы аконкурстә лыԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аинтенсив…
  6. Oct 9, 2026Аԥсны инхо, ашьхараҿы ааха зауз ауаҩы Атәылахьчара аминистрра авертолиот ала Гәылрыԥшь ара…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →