TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21379 25
Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Бадра Гәынба аруааи аветеранцәеи ареспублика Атәылахьчара аминистрреи, Аштаб хадеи, Арбџьармчқәеи рышьақәгылара амш рыдиныҳәалеит.

Иара иҳәеит 1992 шықәса жьҭаара 11 рзы, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз ареспублика Атәылахьчара Аминистрра аԥҵаразы аӡбамҭа шрыдыркылаз, аминистр инапынҵақәа назыгӡо ҳәа дҟаҵан аполковник Владимир Аршба, Аштаб хада аиҳабыс — аполковник Сулҭан Сосналиев.

"Абри амш инаркны, иахьатәи аԥсуа ар рҭоурых ахы акит. Ҳарбџьармчқәа шьақәгылон аидысларақәа рҿы, ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ажәыларақәа рҿы. Убри аҟнытә, ари амш Аԥсны атәылауаа зегьы рзы аҵак ҷыда амоуп. Аԥсуа ар ҳажәлар ргәымшәареи, рхачҳареи, рдоуҳаи рныԥшуеит", — ҳәа Гәынба иажәақәа аанагоит "Аԥсныпресс".

Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит, иааиуа амшқәа рзы Аԥсни Урыстәылеи рырбџьармчқәа рыҟәшақәа злахәу зымҽхак ҭбаау аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 9, 2026Владимир Путини Дональд Трампи ҭелла еицәажәеит. Урыстәылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхад…
  2. Oct 9, 2026АК "Аԥсни" Lit Energy аҩнытәи реицыхәмарра мҩаԥгахоит Аҟәа, астадион "Динамо" аҟны жьҭаара…
  3. Oct 9, 2026Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 2026 шықәса ажьырныҳәеи цәыббрамзеи рзы 46,9 млрд мааҭ…
  4. Oct 9, 2026Ахәыҷы иқәымчра иазку ахҭысқәа рҟны иҟоуп аҭагылазаашьақәа ахәыҷы иҭаацәа рҿы ианиқәымчуа,…
  5. Oct 9, 2026"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон азы аконкурстә лыԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аинтенсив…
  6. Oct 9, 2026Аҵарашықәс ҿыц иалагеижьҭеи ҳусбарҭахь иаарыцҳахьоу, ахәыҷы иқәымчра иазку ахҭысқәа рхыԥхь…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →