Аиԥш зеиԥшу апроектқәа арккаратә ус мҩаԥыргоит, даара акраҵанакуеит еиҵагыло абиԥара еицакрада, мцҳәарада аҭоурых рдыруазарц ҳәа азгәеиҭеит Агәымшәара аорден занашьоу, Аԥсны АҶ рминистр Алиас Аҩӡба.
"Ҳҭоурых фырхаҵарыла ибеиоуп, иуникалтәуп. Ҳара иҳалшеит уи аиқәырхара. Апроект "Европа ахақәиҭтәыҩцәа" акырӡа аҵанакуеит, избанзар аглобалтә мраҭашәареи иааидкыланы адунеитә цәгьеи иҟаз зегьы еицаркырц, еиҭаркырц иаҿуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара ААУ аҿы ацәыргақәҵа "Европа ахақәиҭтәыҩцәа" аартра аҟны.
Ас еиԥш аҭагылазаашьақәа раан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахҭысқәа ирызку аиаша аиҭаҳәаразы иҳалшо зегь ҟаҵалатәуп иҳәеит Аҩӡба.
Post #21378
29