TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21382 27
Адокументалтә фильм "Аҩбатәи адунеитә. Мраҭашәаратәи атәылақәа рымц" ддырбеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.

Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба иазгәеиҭеит, ареспублика афашизм аиааираҿы иахәҭоу алагала шыҟанаҵаз.

"Ари аибашьра иазкны хыԥхьаӡара рацәала ашәҟәқәеи астатиақәеи ҩуп, иҭыжьуп томрацәалатәи адокументқәеи аматериалқәеи реизгақәа. Аха, аҭҵаарадырратә еилазаара итрагедиатәыз убри аан ифырхаҵаратәыз ашықәсқәа ирыдҳәалоу аҭоурых иҵаулоу аҿыгҳарақәа шаҟа иаанартуа аҟара, адунеитә ҭоурых аҿы ихадоу ахҭысқәа ируаку апланрацәалатә шықәсынҵа беиахоит, игәылҭәаахоит",
— иҳәеит иара.

Ашәба иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аԥсны хәыҷы аԥсреи ашәарҭарақәеи ирԥыларц амҩа ишықәнаҵаз 55 нызқьҩык инареиҳаны аԥацәеи аԥҳацәеи.

Урҭ фырхаҵарыла аибашьра афронтқәа зегьы рҿы еибашьуан, Москва, Ленинград, Сталинград рымҵан игылан, Украина, Беларуссиа, Польша, Чехословакиа, Болгариа, Венгриа, Берлин рхақәиҭтәра иалахәын.

"Афильм ҭаҳхит Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала. Аӡәгьы изы имаӡаӡам иахьа Европа излауала Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра аҭоурых ахҩылаара аҽшазнашәо. Ари афильм аҿы амиф хадақәа зегьы ҿаԥаҳҽуеит, асовет жәлар ргеноцид еиԥш иҟоу акрызҵазкуа атема ҳалацәажәоит", — лҳәеит "Урыстәыла ԥсра зқәым аполк" Анагӡком анапхгаҩы Наталиа Шадрина.

Лара иара убасгьы иацылҵеит, Асовет еидгыла иаҿагыланы аибашьра амилаҭқәхратә еибашьраны ишыҟаз. Афашистцәа хықәкыс ирыман СССР ажәлар зегьы рнырҵәара.

"Араҟа ицәыргоуп архивқәа рҟынтәи аматериалқәа, иҟоуп аҳәаанырцәтәи аекспертцәа рыршаҳаҭгақәа, уигьы имаҷу усӡам", —
ҳәа ацылҵеит Шадрина.

Адокументалтә фильм аҿы еиҭаҳәоуп Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ишалагаз, иарбан ҭагылазаашьақәоу иҟаз, Асовет Еидгыла ажәлар ргеноцид алахәылацәа ртәы.

🖇 Иахьа ААУ аҿы иаатит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан асовет еибашьцәа рфырхаҵара иазкыз ацәыргақәҵа "Европа ахақәиҭтәыҩцәа".

Ауснагӡатә еиҿнакааит Аиҿкаара "Урыстәыла ԥсра зқәым аполк", Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациа", " Аиҿкаара "Аԥсны ҿеи" рыцхыраарала.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 9, 2026Владимир Путини Дональд Трампи ҭелла еицәажәеит. Урыстәылеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхад…
  2. Oct 9, 2026АК "Аԥсни" Lit Energy аҩнытәи реицыхәмарра мҩаԥгахоит Аҟәа, астадион "Динамо" аҟны жьҭаара…
  3. Oct 9, 2026Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 2026 шықәса ажьырныҳәеи цәыббрамзеи рзы 46,9 млрд мааҭ…
  4. Oct 9, 2026Ахәыҷы иқәымчра иазку ахҭысқәа рҟны иҟоуп аҭагылазаашьақәа ахәыҷы иҭаацәа рҿы ианиқәымчуа,…
  5. Oct 9, 2026"Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аҩбатәи асезон азы аконкурстә лыԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аинтенсив…
  6. Oct 9, 2026Аҵарашықәс ҿыц иалагеижьҭеи ҳусбарҭахь иаарыцҳахьоу, ахәыҷы иқәымчра иазку ахҭысқәа рхыԥхь…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →