TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 592 subscribers
Post #21375 26
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан асовет еибашьцәа рфырхаҵара иазкыз асахьаркыра-документалтә цәыргақәҵа "Европа ахақәиҭтәыҩцәа" аатит ААУ аҿы.

"Ацәыргақәҵа азнархиеит "Урыстәыла ԥсра зқәым аполк". Уи ӡырыргахьан 50 рҟынӡа, Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы, иара убасгьы аҳәаанырцәҟа — Киргизиа, Беларусиа рахь инаган. Иахьа даара ҳгәы иахәоит, ас еиԥш акрызҵазкуа амш, Кавказ ахақәиҭтәра амш аҽны уи ара иахьадҳарбо", — лҳәеит "Урыстәыла ԥсра зқәым аполк" Анагӡком анапхгаҩы Наталиа Шадрина.

Лара иацылҵеит аусмҩаԥгатә хықәкы хадас ишамоу Европа ахақәиҭтәраан имҩаԥысуаз афырхаҵаратә хҭысқәа даҽазныкгьы ргәаларшәара.

Зынӡа аекспозициа иаҵанакуеит 24 плакат. Урҭ рахьтә жәаха асовет еибашьцәа ирызкуп, рфотосахьақәеи рҭоурыхқәеи арбоуп.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аԥснынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа Ражьден Лакәаба, Шьаликәа Карчаа, Степан Баранов, Ардашес Мелетиан, Николаи Овсианников, Владимир Стрельников рҭоурыхқәа фба.

Даҽа 11 еиҭарҳәоит 1944-1945 шықәсқәа рызтәи ахақәиҭратә операциақәа ретап хадақәа ртәы — Белград, Варшава, Будапешт, Братислава уҳәа европатәи аҳҭнықалақьқәа рхақәиҭтәра.
Ацәыргақәҵаҿ аҭыԥ хада ааннакылоит лаҵарамза 9, 1945 шықәсазы Берлин аиааира згаз асовет еибашьцәа реиԥылара аазырԥшуа Алексеи Криуков иҭыхымҭа.

Аекспозициа ҷыдарас иамоуп аинтерактивтә формат. QR-код ахархәарала аҭааҩцәа ирылшоит асахьаҿы иарбоу асолдаҭцәа зегьы рҭоурых аилкаара, урҭ рыфронтмҩеи рлахьынҵеи рдырра.

Аартра ашьҭахь имҩаԥгахоит адокументалтә фильм "Аҩбатәи адунеитә. Мраҭашәаратәи атәылақәа рымц" афильм арбара.

Ауснагӡатә еиҿнакааит Аиҿкаара "Урыстәыла ԥсра зқәым аполк", Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациа", " Аиҿкаара "Аԥсны ҿеи" рыцхыраарала.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 10, 2026Аԥсны ахада Бадра Гәынба Ихраҿа агаразы 2400 метра абжьаӡара аҽырыҩраҿы аиааира агеит аҽыб…
  2. Oct 10, 2026Гагратәи ашкол аҵаҩы V Алада-урыстәылатәи аматематикатә олимпиада "Ассара" далахәуп, абри…
  3. Oct 10, 2026"Lit Energy" "Аԥсни" реицыхәмарра 3:0 ҳәа ихыркәшан. Ампылқәа зегьы ҭаиршәит Константин Ба…
  4. Oct 10, 2026Урыстәылатәи акоманда 3:0 ҳәа аԥхьагылара амоуп. Базелиук ахԥатәи ампыл ҭаиршәит. #social
  5. Oct 10, 2026Аҩбатәи ампыл ҭаиршәит "Lit Energy" ахәмарыҩ Базелиук. Урыстәылатәи акоманда 2:0 ҳәа аҧхьа…
  6. Oct 10, 2026"Lit Energy" ашьапылампыласҩы Константин Базелиук аԥснытәи акоманда амба ампыл ҭаиршәуеит.…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →