Иԥсҭазаара далҵит еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы Заур Мықәба.
Аԥсны асахьаркыратә ҟазара аҿиараҿы илагала дууп ҳәа аанацҳауеит Акультура аминистрра.
Заур Мықәба — асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, аграфик, СССР-и Аԥсни рсахьаҭыхыҩцәа реидгыла алахәыла. 1971 ашықәс инаркны Аԥсны асахьаркыратә ԥсҭазаара активла далахәын, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла есышықәса еиҿнакаауаз ацәыргақәҵақәа, иара убас араионтә, ареспубликатә, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәа дрылахәын. Иусумҭақәа ҵәахуп Аԥсны еиԥш, уи анҭыҵгьы — СНГ, Америка, Германиа, Шьамтәыла хаҭалатәи аколлекциақәа рҿы.
1992 шықәсазы З. К. Мықәба Колумб Америка анааиртыз 500 шықәса ахыҵра иазкны Италиа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа далахәын. Аҿыханҵатә ҟазараҟны иҟаиҵаз алагалазы Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Ахьтәы медал ианаршьеит.
Post #21306
41
