Аԥсны аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа ауааԥсыра ԥсабарала реизҳара шыҟоу убоит ҳәа лҳәеит астатистиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Леила Каҷарааԥҳа, Жәлар Реизара аилак аилатәараҿы.
Убри аан, иҟоу адыррақәеи аҭагылазаашьеи зынӡа еиԥшым.
Иаҳҳәап, 2025 шықәсазы атәылаҿы иазгәаҭоуп 1230-ҩык аԥсыҭбарақәа, аха уи иҟаҵәҟьоу асахьа аанарԥшӡом, избанзар, ақыҭауаа аӡәырҩы рҭынхацәа рыԥсра ашәҟәы иҭаргалаӡом ҳәа ацылҵеит Каҷарааԥҳа.
Аԥсны Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра адемографиа аҟәша аиҳабы Сабина Андарбуаԥҳа лколлега лгәаанагара дақәшаҳаҭхеит, иазгәалҭеит аира аҳасаббараангьы ауадаҩрақәа шцәырҵуа.
Астатистикатә дыррақәа реиԥшымзаара, лара лажәақәа рыла, атәыла анҭыҵ ииз ахәыҷқәа рҭаацәа рыԥсадгьыл ахь ианыхынҳәлак 14 шықәса рхыҵаанӡа, атәылауаҩшәҟәы аиура ианашьҭалатәунӡа, урҭ џьаргьы ашәҟәы иахьҭарымгало иадҳәалоуп.
Андарбуаԥҳа ажәалагала ҟалҵеит аҭаацәа Аԥсныҟа ианыхынҳә иахәҭоу аусшәҟәшәқәа зегьы еиқәдыршәаларц азы аҭагылазаашьақәа аԥҵазарц.
Post #21283
30