TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21292 23
Аԥсни Урыстәылеи ромбудсменцәа Анас Кьышьмариеи Иана Лантратовеи Махачкала еиԥылеит, дара алахәуп "АОҶ алахәылацәа рзинқәа рыхьчаразы азҵаарақәа: ареабилитациеи усурҭала реиқәыршәареи" атемала имҩаԥысуа аизара.

Даӷьсҭантәи аомбудсмен Запир Алхазов иааԥхьарала, ареспубликахь инеит Урыстәылеи аҳәаанырцә ааигәеи рҟынтәи аҳәынҭқарратә зинхьчаҩцәа.

Кьышьмариеи Лантратовеи азинхьчаратә институтқәа рыбжьара аусеицура аҿиара ахырхарҭақәа ирылацәажәеит, урыстәылатәи аомбудсменцәа афедералтәи арегионалтәи ҩаӡарақәа рҿы имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа аԥснытәи рколлегацәа ралахәхаразы иҟоу алшарақәа ирзааҭгылеит.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы…
  2. Oct 6, 2026Аԥснытәи агимнасткацәа Сҭампыл имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Аиц…
  3. Oct 6, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змо…
  4. Oct 6, 2026Бадра Гәынба КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәылацәеи иареи инагӡоу апроектқәеи, рыгәҭа…
  5. Oct 6, 2026Аицлабра "Аԥсны акоманда" қәҿиарала иахьынагӡаз иабзоураны — Аахыҵ Уаԥстәыла аиԥш зеиԥшу а…
  6. Oct 6, 2026Амузыкант Реваз Нарманиа иҵаҩцәа зегьы ҳзы акультуратә аб иакәын, иареи ҳареи аҳәаа ҳабжьа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →