Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Аҳҭнықалақьқәа хԥа" мҩаԥгахоит Аԥсуа драматә театр аҿы жьҭаара 19, 20 рзы.
Аҟәа ақалақь аҿы х-республикак — Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Нхыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи аколлективқәа Булгаков иҩымҭақәа рсценатә интерпретациақәа ахәаԥшцәа иддырбоит:
▪️Аԥсуа театр ицәырнагоит амоноспектакль "Китаитәи аҭоурых" — Мадина Аргәынԥҳа лықәыргыламҭа, жьҭаара 19 асааҭ 19:00 рзы.;
▪️Аахыҵ Уаԥстәылатәи атеатр — "Ала агәы", арежиссиор Георги Валиев иқәыргыламҭа, жьҭаара 20 асааҭ 17:00 рзы;
▪️Нхыҵ Уаԥстәылатәи акамертә театр ШКиТ — аспектакль "Атеатртә роман", Андреи Кокоев иқәыргыламҭа, жьҭаара 20 асааҭ 19:00 рзы.
Адраматә театр афоие аҿы имҩаԥгахоит атеатртә сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.
Афестиваль азкуп Урыстәыла атеатртә усзуҩцәа реидгыла 150 шықәса ахыҵреи Михаил Булгаков диижьҭеи 135 шықәса аҵреи. Иара мҩаԥгахоит ақалақьқәа хԥа – Аҟәа, Цхьынвал, Владикавказ рҿы — жьҭаара 19-27 ирҭагӡаны.
Post #21289
34