Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны, нанҳәа 15 рзы Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа десант ӡхыҵит.
Зныҭрыс зҽеидызкылаз аԥсуа ҷкәынцәа рымч азымхеит аӷацәа риааира, убри аҟнытә Гагра аанрыжьыр акәхеит. Ахырӷәӷәарҭа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Ажәыларатә план шьақәыргыланы, жьҭаара 2 рзы аԥсуа ар Гагра араион ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлеит.
Убри амш аҽны дҭахоит 35 шықәса зхыҵуаз, аҩнаҭаҿы аҵеи иира иазыԥшыз Алик Далбеи-иԥа Ԥлиа.
Аибашьҩы иҭоурых анҵоуп иԥшәамыԥҳәыс Алина Арӡынԥҳаи аус зциуаз ажурналист Валери Орчыҟәбеи ргәалашәарақәа шьаҭас иганы.
Аԥхьараз ишәыдаҳгалоит ажурналист Саида Жьиԥҳа Sputnik Аԥсны иазлырхиаз анҵамҭа.
#social
Post #21272
30
