TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #21216 40
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ареспублика ауааԥсыра ргәаартреи иҷыдоу аицәажәаратә культуреи азгәеиҭеит.

"Ауааԥсыра даара ргәы аартуп, рцәажәашьа — угәы иахәартә иҟоуп, аинтерес аҵоуп, ганрацәалатәиуп", — ҳәа азгәеиҭеит Гладков Sputnik амҩаԥгаҩ Наала Мықәԥҳа аинтервиу лыҭо.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ауаа аимадара иазыхиоуп, аицәажәара иазыразуп.

"Даара исҭахуп иазԥхьагәаҳҭаз ҳгәазыҳәарақәа наҳагӡарц", — иҳәеит Гладков.

Иара иазгәаиҭеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинырра аҿиаразы адипломатиатә маҵзура алшарақәа иахьынӡауа рхархәара игәы ишҭоу, Урыстәылатәи Афедерациа аминистррақәеи арегионқәа рхадацәеи ирыбжьарҵаз аизыҟазаашьақәагьы уахь иналаҵаны.

🖇 Шәымш раԥхьа Виачеслав Гладков Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан. Ареспубликаҿы адипломат иусура раԥхьатәи амзақәа изцәырыргаз агәалаҟара — Sputnik аинтервиу кьаҿ аҿы.
Telegram Sputnik Абхазия Посол России в Абхазии Вячеслав Гладков отметил открытость жителей республики и особую культуру общения. "Народ очень открытый, очень приятное общение, интересное, многостороннее", — отметил Гладков в интервью ведущей Sputnik Наале Мукба. По его словам…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы…
  2. Oct 6, 2026Аԥснытәи агимнасткацәа Сҭампыл имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Аиц…
  3. Oct 6, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змо…
  4. Oct 6, 2026Бадра Гәынба КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәылацәеи иареи инагӡоу апроектқәеи, рыгәҭа…
  5. Oct 6, 2026Аицлабра "Аԥсны акоманда" қәҿиарала иахьынагӡаз иабзоураны — Аахыҵ Уаԥстәыла аиԥш зеиԥшу а…
  6. Oct 6, 2026Амузыкант Реваз Нарманиа иҵаҩцәа зегьы ҳзы акультуратә аб иакәын, иареи ҳареи аҳәаа ҳабжьа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →