TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #18549 56
⚡️Белгородтәи аобласт ԥыхьатәи агубернатор Виачеслав Гладков Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.

Уи азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Владимир Путин.

Уаанӡа иара икандидатура азы абжьгара ҟарҵахьан Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реидгыла атәылақәа аус рыцуразы Аҳәынҭқрратә Дума аилак аҟынтәи.

Гладков ари амаҵураҭыԥаҿы Михаил Шургалин диԥсахит. Уи ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа наигӡон лаҵарамза 2022 шықәса аахыс.

📎 Виачеслав Гладков — аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Севастополь агубернатор ихаҭыԥуаҩыс, Ставропольтәи атәылаҿацә аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Абҵарамза 18 2020 шықәсазы Урыстәыла ахада иусԥҟала Белгородтәи аобласт агубернатор аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵан. 2021 шықәса цәыббрамзазы алхрақәа реихшьаалақәа рыла Белгородтәи аобласт агубернаторс. Имоуп аҳамҭақәеи амедалқәеи жәпакы, "Урыстәыла АКН аҿиараҿы илшамҭақәа рзы" амедали Агәымшәара Аордени ианашьоуп.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 6, 2026Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы…
  2. Oct 6, 2026Аԥснытәи агимнасткацәа Сҭампыл имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Аиц…
  3. Oct 6, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змо…
  4. Oct 6, 2026Бадра Гәынба КВН акоманда "Аԥснытәи Нарҭаа" алахәылацәеи иареи инагӡоу апроектқәеи, рыгәҭа…
  5. Oct 6, 2026Аицлабра "Аԥсны акоманда" қәҿиарала иахьынагӡаз иабзоураны — Аахыҵ Уаԥстәыла аиԥш зеиԥшу а…
  6. Oct 6, 2026Амузыкант Реваз Нарманиа иҵаҩцәа зегьы ҳзы акультуратә аб иакәын, иареи ҳареи аҳәаа ҳабжьа…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →