TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 591 subscribers
Post #18476 45
Белгородтәи аобласт ԥыхьатәи агубернатор Виачеслав Гладков Аԥсны Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс иҟаларазы ИАР аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума аилак абжьгара ҟанаҵеит.

Уи икандидатура Владимир Путин уаанӡагьы адепутатцәа ахәаԥшразы ирыдигалахьан.

Гладков ари амаҵураҭыԥаҿы Михаил Шургалин диԥсахуеит.

Абри атәы аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин ихатәы канал МАКС аҟны икьыԥхьит.

📎 Виачеслав Гладков — аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Севастополь агубернатор ихаҭыԥуаҩыс, Ставропольтәи атәылаҿацә аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Абҵарамза 18 2020 шықәсазы Урыстәыла ахада иусԥҟала Белгородтәи аобласт агубернатор аамҭала инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵан. 2021 шықәса цәыббрамзазы алхрақәа реихшьаалақәа рыла Белгородтәи аобласт агубернаторс. Имоуп аҳамҭақәеи амедалқәеи жәпакы, "Урыстәыла АКН аҿиараҿы илшамҭақәа рзы" амедали Агәымшәара Аордени ианашьоуп.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 7, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархә…
  2. Oct 7, 2026🗣 Абызԥҽыгақәа Аԥсуаа ҳажәарццакқәа убас еиҿартәоуп адикциа аиӷьтәра анахысгьы, уажәа аҵа…
  3. Oct 7, 20261992 шықәса жьҭаара 7-8 рзы Лыхны ақыҭан имҩаԥысит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар I-тәи р…
  4. Oct 6, 2026Гагра ахақәиҭтәра амш аҳаҭыраз Аиааира ашҭаҿы асцена ҿыц аҟны аконцерт мҩаԥган, абри атәы…
  5. Oct 6, 2026Аԥснытәи агимнасткацәа Сҭампыл имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит. Аиц…
  6. Oct 6, 2026Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала иҭадырхеит аибашьыгатә хәҭа змо…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →