🗣 Абызԥҽыгақәа
Аԥсуаа ҳажәарццакқәа убас еиҿартәоуп адикциа аиӷьтәра анахысгьы, уажәа аҵакы азхәыцшьа удырҵоит, уҿаԥыц дырӷәӷәоит. Зныкала инҭыцҟьааны иуҳәарц азы акыр уҽауршьцылароуп. Шьҭыбжьык аҿы уамахар, даҽа ажәак уамхаҳәар ауеит. 🙂
Ажәарццак афольклор ажанр ссақәа рахь иаҵанакуеит, ҳа ҳҿы зегь раԥхьа аизгара иалагаз Дырмит Гәлиа иоуп. Уажәы абра иааҳгоит Мушьни Миқаиа иџьынџь Тур ихәы ианиҵаз абызԥҽыгақәа. Да, ишәызҳәозар?
⚫️ Аца ҿыц аҭаца ҿыц аԥшь-кәындыхәк дныкҿыс-аакҿыст.
⚫️ Ашәақь алацәа аӡы ацәыкәбар уцәаҿамҭәааит.
⚫️ Аԥш хыжә-ҿыжә, ашә ҟьантаз, ахәӡ мҵәышә,
Ҳәа-шәки, ҳәа-ԥшьынҩежәеи, зеижә ҳәаки, ҳәа ҿашаки,
Санцоз ацҳа сызқәысыз, санаауазгьы сықәсит.
⚫️ Иагьа исзыршарԥазуазаргьы шырԥазӡа саауеит.
⚫️ Ауаҩаԥшь аԥаҵаԥшь аҩы ҳәа дааишьҭит.
Ахыҵхырҭа: Мушьни Миқаиа. Тур ихәаа ражәабжьқәа. Аҟәа, 2013
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Post #21302
26
Forwarded from Ахьыуардын
