АЖәР жәларбжьаратәи аекспедициа аҳәаанырцәтәи алахәылацәа аԥсуа милаҭтә хәмарра "Аимҵакьачара" иаразнак игәынкыланы ишьҭыркааз хәмарроуп ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура аспециалист, афестиваль аиҿкааҩцәа ируаӡәку Херсон Шәманиа.
Шәманиа иажәақәа рыла, асасцәа акыр аинтерес рызцәырнагоит амилаҭтә хырхарҭа змоу зегьы — ахәмаррақәа, ачыс, ақьабзқәа.
"Аамҭа маҷны иҳаман акәымзар, ахәмарра раҟәыхра цәгьахон, убас ирласны ишьҭыркааит, еилыркааит аргентинантәи, еквадорнтәи, егьырҭ атәылақәа рҟынтәи алахәылацәа", — ҳәа азгәаиҭеит иара.
🖇 Афестиваль "Аԥсуа цәқәырԥа" цәыббра 11-17 рзы Екатеринбург имҩаԥысуаз Аҿар рфорум арегионалтә программа иахәҭакхеит.
Аԥсны имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аекспедициа иалалеит 16 тәыла рҟынтәи 22-ҩык алахәылацәа. Урҭ Ажәытә Гагра иаҭааит, Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт иазыӡырҩит, Риҵа аӡиа рбеит, Ауадҳара аҵх рхыргеит.
#social
Post #20863
27