TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #20855 85
Апатриоттә форум "Аҽеизгарҭа ҭыԥ: Аԥсны" мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа.

Цәыббра 24-25 рзы аҭоурыхтә гәалашәареи абиԥарақәа реиқәҿыҭреи ирызку афорум аҿы 150-ҩык рҟынӡа алахәылацәа — 50-ҩык аветеранцәеи 100-ҩык аҿар рхаҭарнакцәеи еизараны иҟоуп.

Аиқәшәарҭа ҭыԥ́́кәаны иҟалоит Ацентр "Ҳара ҳаидгылоупи" Аԥснытәи ахысырҭатә клуби.

Апрограммаҿы иҟоуп аҿари аветеранцәеи иаартны реицәажәарақәа, апленартә еилатәарақәа, адокументалтә фильмқәа дырбара. Хаз хырхарҭаны иҟалоит акомандатә усеицура.

Афорум идеиа хада — абиԥара ҿа аҭоурых иара иалахәыз рхаҭақәа рҟынтәи ираҳарц алшара рыҭара. Аветеранцәа ргәалашәарақәеи рԥышәеи шьаҭас ироуроуп Аԥсны иахнагази, аграждантә ҭакԥхықәреи, аԥеиԥши рылацәажәара.

Аиҿкааҩцәа — ИИА "Импакт", "Аԥсны аибашьра аветеранцәа Рассоциациа ", АЖәҾЕ "Аԥсны Ҿа" адгыларала, ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала.
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 2, 2026Гагра иҟоу ахәбатәи аиланхарҭа Кемпинг дырԥшӡоит, иара убас аӡыҭгагатә станциақәа, арыцқьа…
  2. Oct 2, 2026Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩбеи самаратәи аделегациа алахәылацәеи агуманитартә усхк…
  3. Oct 2, 2026Гагра ахы иақәиҭтәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи мызки бжаки ааҵуаны —…
  4. Oct 2, 2026Аԥсны даанкылоуп аԥсылманра арадикалтә формақәеи атерроризм иаартны ирылаирҵәоит ҳәа агәыз…
  5. Oct 2, 2026Гәдоуҭатәи ашколқәа ахәыԥха аиҿкааразы ишазхиоу гәарҭеит. Урыстәылеи Аԥсни рҟны Аҵара амин…
  6. Oct 2, 2026Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылго авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи III Жәларбжьаратәи реицлабр…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →