Аԥсны даанкылоуп аԥсылманра арадикалтә формақәеи атерроризм иаартны ирылаирҵәоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу Таџьикистан атәылауаҩ Хәыршед Оиматов.
Иара 2026 шықәса цәыббрамзазы Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура дааннакылеит Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аус ацурала.
36 шықәса зхыҵуа Оиматов атеррористтә гәыԥқәа дрыдҳәалазар алшон, уи аинтернет аҿы аекстремистра аларҵәара инапы алакын.
2019 шықәса раахыс Аԥсны дынхон.
Урыстәыла АШӘМ аҳәаахьчаратә усбарҭахь дрырҭеит аҩ-тәылак рыбжьара аусеицуразы аус зуа аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаа иҭагӡаны.
Post #21174
18