TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21176 26
Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩбеи самаратәи аделегациа алахәылацәеи агуманитартә усхк аҟны русеицура атәы иалацәажәеит.

"2025-2026 шықәсқәа рзы ауснагӡатәқәа рацәаны имҩаԥаҳгеит. Агәраганы сыҟоуп, ҳаԥхьаҟа еиҳау аусқәа шьҭоуп ҳәа", — азгәеиҭеит иара.

Самара ақалақь ахадара акультуреи аҿартә политикеи Рдепартамент аиҳабы Татиана Шпаковскаиа илҳәеит агуманитартә усеицура аусхк ишаҵанакуа акультуреи, аҵареи, аспорти. Лара лажәақәа рыла, абҵарамзазы дара ргәы иҭоуп шықәсык аҩнуҵҟа ахырхарҭақәа зегьы рыла аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара.

Шпаковскаиа иазгәалҭеит Самаратәи аделегациа ду ишалоу арҵаҩцәа, урҭ Аҟәа аус руеижьҭеи ҩымш шҵуа.

"Дара Аҟәа ақалақь ашколқәа хԥа аус рыдырулоит. Асахьаркыратә ҵара асистема арҵаҩцәа нагақәа уажәы аҟаза-иклассқәа мҩаԥыргоит. Уаха акамертә концерт ссир мҩаԥгахоит", — лҳәеит Шпаковскаиа.

Лара илҳәеит ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы Самара ишлыдылкылоз Аԥснытәи арҵаҩцәа рделегациа, урҭ рколлегацәа русура апрактика еилыркаауан.

Шпаковскаиа илҳәеит ареспубликаҿы аусуратә ԥышәа адырразы, абҵарамзазы Аԥсныҟа иаарц ргәы ишҭоу атеатр аусзуҩцәа.

Аусеицура аҩбатәи ахәҭа азкхоит акультуратә ҭынха ахыбрақәа реиқәырхара азҵаарақәа. Ахәҭакахьала самаратәи аҟазауаа Урыстәыла иналукааша ауаа рыхьӡқәа ирыдҳәалоу иуникалтәу ауаажәларратә ҵакырақәа раԥҵаразы апроектқәа ддырбоит.
Telegram Sputnik Абхазия Министр культуры Абхазии Даур Кове обсудил сотрудничество в гуманитарной сфере с делегацией из Самары. "Много мероприятий проведено и в 2025, и 2026 годах. Еще больше, я уверен, предстоит впереди", — отметил он. Начальник Департамента культуры и молодежной…
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 2, 2026Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла Москва имҩаԥнагараны иҟоу агастрольқәа рҳәаақәа иҭагӡаны…
  2. Oct 2, 2026Аԥснытәи аҳәынҭқаратә университет аҟны адиаспора ахаҭарнакцәа арҵараратә программақәа рыҽр…
  3. Oct 2, 2026Аԥсны Аcоцеиқәыршәара аминистрра аделегациеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи Москва реиԥыл…
  4. Oct 2, 2026🤩 ГАГРА ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа, Иҿыпуеит иччо. Ихьшәа…
  5. Oct 2, 2026Сара рҵаҩык иаҳасабала хықәкыс исымоу — аҵаҩы смаҭәар иҵарц ауп иҳәеит Ефрем Ешба ихьӡ зху…
  6. Oct 2, 2026Урыстәыла аҳәаанырцә аҳәаақәа арҭбаараҿы Россотрудничество ароль ду нанагӡоит ҳәа азгәеиҭе…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →