TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21186 7

Forwarded from Ахьыуардын

🤩 ГАГРА
ҭагалантәи ашәахәа хаа ақәыҷҷа

Ацәқәырԥақәа укалҭ иахьысуа,
Иҿыпуеит иччо.
Ихьшәашәаӡа аӡыхьқәа иугәылсуа
Илеиуеит илбааҽҽо,
Ухан дуқәагьы ӷьазӷьазуеит
Ушьха ашьапаҿы.
Аԥсшьаҩцәа неилыс-ааилысуеит
Лбаа аԥшаҳәаҿы.
Убаҳча ссирқәа еихык-еиҵыкны,
Избоит иахьа ара.
Гагра, иуҭааз зегьы еизгәыкны
Иаҿуп аԥсшьара.
Ишԥассиру уҳауа еинҭәыла,
Ишԥахаау уԥша!
Зыԥсы зшьауа ҿыц мчыла,
Иацырҵап рылша!
Идуӡӡоуп урҭ руеишьара,
Ирықәԥхауеит мракы.
Уи ҳ-Аԥсадгьыл мра лашара
Ауп ирызгәкы.

✍🏻 Шамил Ԥлиа, 1950


📍 Гагра — ажәытәӡатәи ԥсыуа ҭыԥхьӡуп, "га-кы́ра" аҟынтә иаауеит, ашьхақәа роуп ага зкугьы, ршьапқәа амшын инӡаалоит. Аратәи ашьхақәа кьырҳақәоуп, аҳаԥ ҵаулаӡақәа рымоуп.

⛰ Гагра зџьынџьу асаӡқәа ражәаҳәаҿы иуԥылоит аинтерес зҵоу афразеологизм "Гагра амҩа зкызаалакгьы", ус иҳәоит ахаҵа "сымч ҭоуп, сыззымиааиуа дыҟам" ҳәа аанарго. Анкьа абрагьцәа-амҩакцәа аҭшәарақәа рҿы рҽыҵәахны итәалон, убри иахылҿиааит ҳәа ҳгәы иаанагоит.

🌊 Аурыс ҳәынҭқар ихаан, Гагра курорт қалақьны иҟалаанӡа, "Сибра ҟәанда" ҳәа иашьҭан, рахьырхәразы иахыргоз ԥыҭҩык арахь иаарышьҭуан аҟынтә. Ҵабыргны, Аԥсны иахьаҵанакуа алшықәсанык зегь раасҭа аҳауа ахьҟәандоу ҭыԥуп иара. Абри атәы иҳәоит аеколог Роман Дбар, Гагра иазку Абаза-ТВ афильм аҟны>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 2, 2026Аԥснытәи аҳәынҭқаратә университет аҟны адиаспора ахаҭарнакцәа арҵараратә программақәа рыҽр…
  2. Oct 2, 2026Аԥсны Аcоцеиқәыршәара аминистрра аделегациеи урыстәылатәи рколлегацәеи дареи Москва реиԥыл…
  3. Oct 2, 2026Сара рҵаҩык иаҳасабала хықәкыс исымоу — аҵаҩы смаҭәар иҵарц ауп иҳәеит Ефрем Ешба ихьӡ зху…
  4. Oct 2, 2026Урыстәыла аҳәаанырцә аҳәаақәа арҭбаараҿы Россотрудничество ароль ду нанагӡоит ҳәа азгәеиҭе…
  5. Oct 2, 2026Ацәыргақәҵа "Амшын цәқәырԥаӡом" аус адырулон Урыстәылатәи аҟазаратә галереиа аҭҵаарадыррат…
  6. Oct 2, 2026Москва аиҳабыра 450 нызқь мааҭ инареиҳаны иаԥсо 130 медицинатә амаругақәеи аалыҵқәеи Гәдоу…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →