Урыстәыла аҳәаанырцә аҳәаақәа арҭбаараҿы Россотрудничество ароль ду нанагӡоит ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Афедералтә маҵзура ахада Игор Чаикеи иареи реиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо.
"Сара даара сеигәырӷьоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩи ихадоу азҵаарақәа рҟны ҳгәаанагарақәа ахьеиқәшәо", — азгәеиҭеит Гладков.
Иара агәыӷра ааирԥшит хара имгакәа Аԥсны иахьаҵанакуа Россотрудничество ахаҭарнакра инанагӡо апроектқәа рхыԥхьаӡара, рхаҭабзиара, рыҩаӡара иазҳап ҳәа.
Post #21184
25
