Афонҿыцтәи аӡҭачы арыцқьаразы
адгьыл аӡаҵаҟатәии аҵарҵауларатәии усурақәеи, аӡҭачқәа ррыцқьареи ирызку иҷыдоу аӷба аԥышәарақәа мҩаԥнагахьеит, абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Азамаҭ Чуаз.
Арыцқьара мҩаԥыргоит атурсезон анхыркәшахалак ашьҭахь.
Аусура ҳаԥхьа ишьҭоу маҷӡам: ахықәкы хадақәа ируакхоит — алыкь алгара аиҿкаара. Алогистика аус адырулонаҵы еизаз ашьҭаҵарҭақәа ахьгатәу, ишгатәу ӡбатәуп иҳәеит Чуаз.
Убри аан аусурақәа рхыркәшара аҿҳәара макьана еилкааӡам.
#social
Post #21207
25