Фиодор Емельианенко аԥсуа спортсменцәа ҿарацәа дырԥылеит Аҟәа.
Иара еиҭеиҳәеит испорттә мҩа атәы: избан акраамҭа аиааира агара зилымшоз, анаҩс аиааирақәа акыр ргара шалыршахаз, насгьы ММА аидысларақәа рыхәаԥшра дзааҟәыҵыз. Аҿар алабжьарақәа риҭеит, рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
"Шәҽазышәшәала еснагь шәхала адыррақәа рырҳара. Шәызҿызаалакгьы, иарбан усхкызаалакгьы шәнапы злашәкуа", — ҳәа алабжьара ҟаиҵеит урыстәылатәи ачемпион.
Емельианенко ихаҭа аурыс классикеи адоуҳатә литературеи дрызҿлымҳауп. Иара иажәақәа рыла, аицлабрақәа рахь еснагь ихала аҿиаразы шәҟәык, ҩ-шәҟәык игон.
🖇 Жьҭаара 4 рзы Фиодор Емельианенко самбо азы Жәларбжьаратәи атурнир "Аиааира Ахраҿа" ааиртит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы.
Post #21224
23