TGViewer
Sputnik Аԥсны Sputnik Аԥсны @sputnik_apsny_info · 590 subscribers
Post #21222 20
Аԥсны аибашьра ашьтахьтәи ашықәсқәа раан, аҳәынҭқарра аргыларазы акоманда ӷәӷәа еидкылан, еидызкылозгьы Владислав Арӡынба ихаҭара ауп ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩы Валери Аршба.

"Аԥсны Аконституциа анрыдыркыла анаҩс, амчра еихшахеит — азакәанԥҵаратә, анагӡаратә, агәаҭаратә ҳәа. Зус бзиаӡан издыруаз анапхгаҩцәа, аусзуҩцәа адгалан. Урҭ зегь зыԥсадгьыл бзиа избаҵәҟьоз хаҭарақәан", — ҳәа азгәаиҭеит Валери Аршба.

🖇 Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдыркылеит Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҿы абҵарамза 26 1994 шықәса рзы. Ари аҽны Аконституциа ҿыц инақәыршәаны Владислав Арӡынба Аԥсны ахадас далхын, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы ҩынтәны аҳәынҭқарра ахадас деиҭалхын жәлар рыбжьыҭарала.
#social
  • ❤ 1
More from @sputnik_apsny_info
  1. Oct 4, 2026📇 Пицундатәи ауахәама концерттә зал Жьҭаара 6 асааҭ 17:00 — жәларбжьаратәи апремиақәа рла…
  2. Oct 4, 2026Адраг-реисинг азы аицлабрақәа Abkhazia Rally мҩаԥысит Аԥсны. Аиԥхныҩларақәа рахь инарышьҭи…
  3. Oct 4, 2026Аԥснытәи акоманда Новосибирск имҩаԥысуаз карате‐киокусинкаи азы атурнир рхы аладырхәит ҳәа…
  4. Oct 4, 2026Аспектакль "Шинель" ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр "Саби" Аҟәа иднарбеит. Ақәыргыламҭа — апластика…
  5. Oct 4, 2026Аҳабла ҿыц Цәыббра 30 амҩаду аҿы акаҭран ҿыц ашьҭаҵара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ақала…
  6. Oct 4, 2026Амузыкатә еицлабра "Аӡыхьқәа. Ахәыҷқәа 2027" ахь азыӡырҩра мҩаԥгахоит Аҟәа, жьҭаара 28 рзы…
Threads Profile ViewerView any public Threads profile without an account.Open ThreadLook →Writing with AI? Make it sound human.Metric37 rewrites AI drafts so they read naturally. Free AI detector, 1,500 words free.Try Metric37 →