Аспектакль "Шинель" ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр "Саби" Аҟәа иднарбеит.
Ақәыргыламҭа — апластика аелементқәа змоу акьанџьақәа ирҭоу адрама мҩаԥысит РУСДРАМ аҿы, нхыҵ уаԥстәылатәи аколлектив агастрольқәа аҳәаа иҭагӡаны.
"Ҳара ҳзы ииашаҵәҟьаны уи гәырӷьара дууп. Ҳара иаҳҭахуп еснагь ҳсценаҿы ахәыҷқәа рзы аспектакльқәа еиҳаны иқәыргылазарц", — ҳәа азгәеиҭеит РУСДРАМ адиректор Иракли Хынҭәба.
Ахәаԥшҩы қәыԥш итеатр асахьаркыратә напхгаҩы Асланбек Галаов еиҭеиҳәеит "Саби" 2018 шықәса раахыс Аԥсныҟа ишаауа, аха Искандер итеатр аҭӡамцқәа рҿы раԥхьаӡакәны ишықәгыло.
Post #21232
17